Аԥсны аиҳабыра ахаҭарнакцәа алахәын Новосибирск имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи афорум "Технопром‑2026". Хымштәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟаз аделегациа Новосибирсктәи аобласт анапхгареи, аҳәаанырцәтәи аделегатцәеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит.