Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

Ихадоу атемақәа 33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ...

Дата публикации: 24-09-2026 15:44:32

Ихадоу атемақәа
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан.Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит аӷа иқәцаразы , иагьрылшеит .
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц атәыла Аиааира Амши Ахьыԥшымреи ирызкны Москва имҩаԥгаз аныҳәатә дкылараҿы дықәгылеит. "Ари аиааира ҳажәлар рзы даара зыхәԥса ҳараку иааироуп. Ҳара иаҳгәалашәоит, ҳаҭыр рықәаҳҵоит ҳмилаҭтә ԥхьагыла Владислав Григори-иԥа Арӡынба икәша-мыкәша зҽеидкыланы ҳҳәынҭқарра исуверентәыз, ихьыԥшымыз акурс зыхьчоз Аԥсны ахьчаҩцәа", — ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.Ауснагӡатә еиҿнакааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.
Апленартә еилацәажәара "Абиԥареи аамҭеи: агәалашәара аҟынтәи аҭакԥхықәрахь" мҩаԥысит Аҟәа, арккаратә спорт-патриоттә форум аҵакыраҿы. Иааԥхьаз спикерцәаны иҟан Аԥсны Афырхаҵа, апартиа "Аԥсны жәлар рпартиа" ахантәаҩы Шамиль Аӡынба, АҶА ахада Алиас Аҩӡба, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩ Рафаель Амԥар, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Едуард Ежов.Урҭ аҿар ирзеиҭарҳәеит аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭеи иара аибашьреи ирыдҳәалаз ргәалашәарақәа, уи нахыс зҽызыԥсахыз атәы, рыԥсадгьыл аҭоурых, рбызшәа, ркультура адырра шаҟа аҵанакуа. Асасцәа аиԥылара иалахәыз аҿарацәа алабжьарақәа рырҭеит, рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.
Атәылауаа риреи рыԥсреи рҭаҩразы адыррақәа реимдара мҩаԥгахоит аелектронтә формат ала, аиҳарак онлаинла Аиустициа аминистрреи, Асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи, Атәанчахәытә фонди рыбжьара. "Ҳара ҳҽазаҳшәеит аусбарҭатә напхгара асистема зырыҩбо асистема аԥҵара. Даҽакала иаҳҳәозар, ақьаадтә ныҟәгагақәа рыла Аиустициа аминистрра имҩаԥнагоз шьаҿа- шьаҿалатәи аусқәа иахьынӡалшо ԥхьаҟа акомпиутертәи ацифратәи ҟазшьахьы ииасроуп", -ҳәа азгәеиҭеит аусбарҭа ахада Анри Барцыц.
Баста Аԥсныҟа зегьы ааԥхьара риҭоит. Уаҵәы "Динамо" астадион аҿы, асааҭ 19:30 рзы Андреи Кариаки напхгара зиҭо Васили Вакуленко (Баста) икоманда АК "Аԥсны"иацыхәмарраны иҟоуп. "Акыр иаԥсоу аҩызцәа, WINLINE Алига Ахраҿа иацҵахоит. Ҳкоманда АРК Ростов анаҩстәи ахәмарра мҩаԥгахоит Аԥсны, Аҟәа ақалақь, астадион "Динамо" аҿы, цәыббра 25 рзы. Зегьы ааԥхьара шәаҳҭоит. Шәааи. Ҳаиқәшәараҟынӡа", — ҳәа ахәаԥшцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иара.
Еснаҭ Џьениа Ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" акоманда дахәҭакхеит.Аԥснытәи ахьчаҩ АК "Космос" (Химки) аҟынтәи, "Аԥсны" аклуб ахь диасит.
https://abkhazia.news-pravda.com/world/2026/09/24/31314.html

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
190 чылдарда ЧЕЛНОКИ шокар сумкаларлыг, хепти кыдаттан, киргизиядан, турциядан ажырып ...-2308-07-2026
2«Тёлюден тёлюге ёте келген къарындашлыкъ байламлыкъланы сакълар ючюн бирикгенбиз»020.4208-05-2026
3Окъутууну бла юйретиуню къыйматлы амалларын табыуну къайгъысын кёрюп014.8820-08-2026
4Айырыула ачыкъ эмда законнга тийишлиликде барырларына къарарыкъдыла022.714-07-2026
5«Тил - къайсы халкъны да энчи байлыгъыды»020.1129-07-2026
6Машук–2026: Юйретиуню мурдоруна къоркъутууну угъай, сюймекликни салып019.8712-08-2026
7ВЫБОРЫ ВЫБОРЫ, КАНДИДАТЫ ПИДОРЫ https://vk.ru/wall12559051_10655 + https://vk.ru/wall12559051_10656 + https://vk.ru/wall12559051_10659 https://vk.ru/wall12559051_1996 ...06.4331-07-2026
8№63-11^(~) (PDF/СНИМКИ) ПРОДЪЛЖЕНИЕ НА ТЕМАТА ЗА "Перпетуум Мобиле" Системата:-1.Етер-Творец-Човек-Време(Т)И 2.Вакуум-Бог-Човешко ...011.1716-08-2026
9Военная специальная операция России на Украине. 27 августа. День 1646-й. ...010.1827-08-2026

Классификация: . Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 9. Тональность: 0. Информативность: 9.69. Источник: vk.com.